Print this page
04.Абҵара.2025

Абҵарамза 6 - 9 рзы Аҟәа ақалақь аҿы Евгени Вахтангов ихьӡ зху атеатр агастрольқәа мҩаԥысуеит.

Аҟәа. Абҵарамза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 6 - 9 рзы Аҟәа ақалақь аҿы Евгени Вахтангов ихьӡ зху атеатр агастрольқәа мҩаԥысуеит.

Ф.А. Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр асцена аҿы илегендартәу урыстәылатәи атеатр иԥхьагылоу актиорцәа, Урыстәыла  жәлар рартистцәа –  Евгени Книазев, Иулиа Рутберг, Андреи Илин, иара убас атеатр «аиаҵәахә» ҿарацәа  – Павел Попов, Ельдар Трамов, Владимир Логвинов, Иури Полиаки егьырҭ зеиӷьаҟам артистцәеи злаху иреиӷьу аспектакльқәа ахәаԥшцәа иднарбоит.

  • Абҵарамза 6, асааҭ 19:00 рзы – Урыстәыла жәлар рартист Евгени Книазев дызлаху, А.С. Пушкин ирҿиамҭа ала иқәыргылоу аспектакль «Пиковая дама».
  • Абҵарамза 7, асааҭ 19:00 рзы – Т.Слободзианек ирҿиамҭа ала иқәыргылоу аспектакль «Наш класс» (Москва зегьы реиҳа апопулиалра зҵоу, аншлаг зцу аспектакльқәа иреиуоуп).
  • Абҵарамза 8, асааҭ 14:00, 17:00 рзы – А. С. Пушкин ирҿиамҭа ала иқәыргылоу аспектакль «Сказка о попе и работнике его Балде» (Александр Коручеков иқәиргылаз ахәыҷқәа рзы ишьаху аспектакль).
  • Абҵарамза 9, асааҭ 19:00 рзы – Д. Марелл ирҿиамҭа ала иқәыргылоу аспектакль «Крик лангусты» (Урыстәыла жәлар рартистцәа Иулиа Рутберги Андреи Илини злаху). 

Read 88 times