Print this page
05.Абҵара.2025

Акциа «Ақьиара амза» хацдыркит аԥтекатә ҳа «Ракета Маркет» аҿы.

Аҟәа. Абҵарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥтекатә ҳа «Ракета Маркети» Агәыҳалалратә фонд «Ашанеи» абҵарамза 1 инаркны еицаԥшьыргаз агәыҳалалратә акциа «Ақьиара амза» нарыгӡалоит.

Ари аԥшьгара ахықәкы хаданы иҟоуп – иуадаҩу аԥсҭазааратә ҭагылазаашьа зауз ахәыҷқәа рыцхырааразы алшарақәа реидкылара.

Афонд «Ашана» адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа ари акциа шьҭа хра злоу традицианы ишыҟалаз атәы еиҭалҳәеит.

«Есышықәса акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана» абҵарамзазы агәыҳалалратә акциа «Ақьиара амза» хацнаркуеит. Ҳара ҳпартниорцәа – аԥтекақәа рҳа «Ракета Маркет» – есымша уи активла рхы аладырхәуеит. Аԥтека «Ракета Маркет иаҭаауа аахәаҩ ииҭаху атауар иацны иааихәар ҟалоит «ақьиара апакет».  100% ирҳау аԥарақәа ҳара ҳфонд ашҟа, ӷәӷәала ичмазаҩу ахәыҷқәа рыхәышәтәразы идәықәҵахоит», – ҳәа адырра ҟалҵеит лара.

Мактина Џьынџьалԥҳа лажәақәа рыла, акциа хықәкыс иамоуп Аԥсны иқәынхо ӷәӷәала ичмазаҩу ахәыҷқәа ацхыраареи ахшыҩзышьҭреи  рыҭаразы ауаа радыԥхьалара.

«Ҳара аусдкылаҩцәа рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит акциа рхы аладырхәырц, ридеиақәа ҳадыргаларц, ҳара ҳахәҭаала хымԥада урҭ адгылара раҳҭоит. Ҳара еиҿаҳкаауа аволонтиортә акциа аҿы есышықәса «Чайка», «Бристоль» реиԥш иҟоу аресторанқәа рхы аладырхәуеит. Сынтәа урҭ рхыԥхьаӡара иацлеит акаҳуажәырҭа  «Мама испекла». Иара убас ҳара иааиԥмырҟьаӡакәа адгылара ҳанаҭоит аҭаацәаратә чаӡырҭа «Янина», уҳәа егьырҭгьы», – ҳәа илҳәеит лара.

Аԥтека афармацевт Русана Ҷанба лгәаанагарала, ӷәӷәала ичмазаҩу ахәыҷқәа рзы аԥара аизгара акыр аҵак ду змоу усуп.  

«Абҵарамзазы ҳара ҳҿы имҩаԥысуеит акциа «Ақьиара амза». «Ақьиара апакет» – ари ахәыҷқәа ацхыраара рыҭара иазку азеиш ус ахь имариоу, аха убри аамҭазы акыр аеффективра злоу лагалоуп. Апакетцыԥхьаӡа  – ари ахшыҩзышьҭери агәцаракреи зҭаху аиҳарак рзы агәыӷреи адгылареи рсимволра руеит», – ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Русана Ҷанба.

Аԥтекақәа «Ракета Маркет» абарҭ аҭыӡҭыԥқәа рыла иҟоуп:

  • Аҟәа араион, Ачадара ақыҭа (Абылтәыҭаҭәарҭа Станциа «Роснефть»);
  • ақ. Аҟәа, Аиааира апр. аҩ.№ 48;
  • ақ. Аҟәа, Metron Маркет, Инал-иԥа, аҩ.№ 47.
  • Гагра араион, Бзыԥҭа (Абылтәыҭаҭәарҭа Станциа «Роснефть»);
  • ақ. Гагра, Арӡынба ипр. аҩ. № 140;
  • Гагра араион, Цандрыԥшь (Абылтәыҭаҭәарҭа Станциа «Роснефть»);
  • ақ. Афон Ҿыц, Ҳаразиа имҩа, ТР2.

 

 

 

 

 

 

 


Read 84 times - Ашәахьа, 10 Абҵара 2025 03:00