Print this page
11.Абҵара.2025

Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз аиҿахысра иахҟьаны хәҩык ахәрақәа роуит.

Аҟәа. Абҵарамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра абҵарамза 11 рзы Аҟәа ақалақь, ВИЭМ аҳабла иахьаҵанакуа аҭыԥ аҿы иҟалаз аиҿахысра иалахәыз ауаа раанкылареи иҟалаз ахҭыс аилыргареи рзы аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥнагоит.  

Иҟалаз аиҿахысра иахҟьаны хәҩык ахәрақәа роуит, аӡәы – иҭагылазаашьа уадаҩуп.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут идҵа ала ацәгьоуцәа рышьҭазааразы аплан рылаҳәоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Арперативтә усмҩаԥгатәқәа ирылахуп ашьаусԥшааратә усбарҭа аҟәшеиҵақәеи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ирласны анырразы иҷыдоу аотриади Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭеи.  

Аҭагылазаашьа Аҳәынҭқарра Ахада хаҭала ахылаԥшра аиҭоит. 


Read 532 times - Ахаша, 12 Абҵара 2025 22:19