Print this page
19.Абҵара.2025

«Асоциалтә такси» арныҟәцаҩцәа раԥхьатәи амедицинатә цхыраара аҭара азы аҽазыҟаҵарақәа ирхысуеит.

Аҟәа. Абҵарамза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. «Асоциалтә такси» арныҟәцаҩцәа раԥхьатәи амедицинатә цхыраара аҭара азы аҽазыҟаҵарақәа ирхысуеит. Уи азы акурсқәа еиҿкаауп Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра аҿы. Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥигоит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба. 

«Апроект згәабзиара алшарақәа ԥку ауаа рзы цхыраагӡа духоит. Ҳара ҳганахьала, сара Аҳәынҭқарра Ахада иҟны имҩаԥгаз аилатәараҿы ишысҳәахьаз еиԥш, амашьынрныҟәцаҩцәа разыҟаҵара мҩаԥаагоит. Иара убас иазгәасҭарц сҭахуп, агәабзиарахьчара Аминистрра иарбоу апроект анагӡараҿы иалшо ала адгылара ҟанаҵалоит ҳәа», - иҳәеит Едуард Быҭәба.

Апроект нанагӡоит «Аԥсны Акоманда». Убри аан уи адгылара анаҭоит Нижегородтәи аобласт Анапхгара.

Уи аԥхьа Нижегородтәи аобласт Аԥсныҟа згәабзиара алшарақәа ԥку ауаа рзы иахәҭоу амаругақәа рыла еиқәыршәоу х-машьынак аанашьҭит.  


Read 456 times - Ахаша, 19 Абҵара 2025 21:07