Print this page
19.Абҵара.2025

Ҳаџьараҭ Бганба амҩатә ԥҟарақәа реилагара аус адулареи ахылаԥшреи рзы аҟәша анапхгаҩыс дҟаҵоуп.

Аҟәа. Абҵарамза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аҳәынҭқарратә автоинспекциа Аусбарҭа аҿы Автоҳәынҭинспекциа аҟәшеиҵақәа, аҩныҵҟатәи аусқәа ақалақьтә усбарҭақәеи араионтә ҟәшақәеи рнапхгаҩцәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аҳәынҭқарратә автоинспекциа Аусбарҭа аиҳабы Дамеи Аҩӡба аилатәара иалахәыз дыдирдырит амҩатә ԥҟарақәа реилагара аус адулареи ахылаԥшреи рзы аҟәша анапхгаҩыс иҟаҵоу Ҳаџьараҭ Бганба.  

Дамеи Аҩӡба амҩатә ԥҟарақәа реилагара аус адулареи ахылаԥшреи рзы аҟәша аусура излауа ала арӷәӷәара хымԥадатәиуп ҳәа иазгәеиҭеит. Уи аҟәшеиҵа ахатәы еилазаара аҿаԥхьа амҩатә ԥҟарақәа еилазго амашьынарныҟәцаҩцәа инагӡаны ахьырхәра рақәыршәара азы адҵа ықәиргылеит. Дамеи Аҩӡба азакәан еилазго зегьы аҭакԥхықәра рыдҵара алыршареи, амчратәи азинхьчаратәи усбарҭақәа рхылаԥшреи, амҩахылаԥшартә маҵзура аусзуҩцәа астационартә ҭыԥқәа рҿы русура арӷәӷәареи рзы анапынҵақәа ҟаиҵеит.

«Ихадоу апринцип – ахьырхәра хырԥашьа амамзаара ауп. Аӡәгьы хырҩа имҭакәа аилагара ҟазҵаз зегьы аҭакԥхықәра иақәыршәалатәуп. Уи ишашоу шәара шәҭакԥхықәра ауп, уи  ауп ҳтәыла анапхгареи амҩаҿы иахьа иҟоу аҭагылазаашьеи ҳҿаԥхьа хыдҵас иқәнаргыло», - ҳәа иҳәеит Дамеи Аҩӡба.

Уи иара убас инаҵшьны иазгәеиҭеит ҷыдала ахылаԥшра шаҭалатәу атәыла амчратә структурақәеи азинхьчаратә усбарҭақәеи русзуҩцәа рыла амҩатә ԥҟарақәа реилагара иадҳәалоу афактқәа.


Read 65 times - Ахәаша, 21 Абҵара 2025 13:22