Ҭемыр Ҭаниа иажәақәа рыла, апроект уаанӡатәи апроектқәа ажанррацәала еиԥшымхаӡеит. Алахәылацәа ԥшь-категориак: авокалтә, аинструменталтә, ахореографиатәи асценатәи рҿы ирылоу абаҩхатәра аадырԥшуеит.
«Ҳара игәаҳҭеит ҳара ҳҿы ажәеинраалаԥхьара ибзианы аҿиара шамоу. Ҳхәыҷқәа, аиҳарак асоциалтә ҳақәа рҿы, даара зҵакы ҵаулоу, аинтересс зҵоу ажәеинраалақәа ирыԥхьоит. Ҳара иаҳҭахуп уи аҿиара аиурц», – ҳәа иазгәеиҭеит Ҭемыр Ҭаниа.
Ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭакқәа ҟаиҵеит иара убас акультура аминистр Даур Ақаҩба. Уи иажәақәа рыла, акультура Аминистрра ихадоу ахыдҵақәа иреиуоуп аҿиаратә баҩхатәра злоу аҿар ралԥшаара, урҭ анаҩс адгылара рыҭара. Аминистр игәаанагарала, «Жәлар рысцена» («Народная сцена») аҿар асценаҿы рхы ԥыршәарц азы «иӷәӷәоу стимулны» иҟалар алшоит. Уи иацхраауеит аҿар рыбжьара Ҭемыр Ҭаниа еиԥш иҟоу аконкурс аиҿкааҩцәа ирымоу аҳаҭыр.
Даур Ақаҩба апроект алахәылацәа рзы иамоу аперспективра дазааҭгылеит.
«Ҳара Урыстәылатәи ҳпартниорцәа ари аконкурс афиналистцәа анаҩс ахӡыргаразы алшара роурц, урыстәылатәи асценаҿы адгылара роурц азы ҳрыҿцәажәеит, убри аҟнытә сара агәра ганы сыҟоуп апроект аԥеиԥш бзиа шамоу», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Апроект хықәкы хаданы иамоуп еиуеиԥшым ақәратә категориақәа ирыҵанакуа, зҟазара аазырԥшырц зҭаху, ареспубликатә ҩаӡара аҿы ахӡыргара иашьҭоу зегьы рзы ҳаамҭа иақәшәо, ииашаны имҩаԥысуа, зынаӡара мариоу аконкурстә плошьадка аԥҵара.
