Убас, иҳаҩсыз амчыбжь азы амашьыналас агәаҭараан аҳазалхра аусзуҩцәа амашьына асалони аидараҭыԥи рҿы ирбеит 15 ааҵәа амандарина, уи азеиԥш капан 500 кьыла рҟынӡа инаӡон. «Атауар иацу, акоммерциатә, мамзаргьы азинҭаратә усшәҟәқәа ахаҵа имамызт, уи амандарина ихатә ҭаххрақәа рзы ииаигоит ҳәа иазгәеиҭеит, – ҳәа иҳәеит Шәачатәи Аҳазалхра Ганрацәалатәи амашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аиҳабы Антон Алеқсандров. – Иҟаз атауар ахыԥхьаӡара инамаданы, уи ахатә хархәара иаҵанакуа атауар ахымԥхьаӡалара азы аӡбамҭа рыдыркылеит, аиагаразы ақәиҭымзаара шьақәыргылан. Азин еилазгаз ахаҵа административтә ҭакԥхықәра идҵоуп».
Зынӡа асезон алагара инаркны – жьҭаарамза инаркны иахьанӡа аиԥш-зеиԥшу афактқәа рыла 44 ус хацыркын. Иаарԥшын 1 тонна аҵкьыс еиҳаны аҳазалхратә закәанԥҵара аилагарала зыиагара мҩаԥгаз ацитрусттә шәырқәа.
Ацитрусттә шәырқәа, егьырҭ ҿыц иҿыхуи ирҩоуи ашәырқәа реиԥш афитосанитартә гәаҭареи акарантини иаҵанакуа аалыҵ иахыԥхьаӡалоуп, ҳәа иазгәарҭоит Шәачатәи аҳазалхра аҿы.
Иҟоу азакәанԥҵара инақәыршәаны, Урыстәылатәи Афедерациаҟа 5 кьылак иреиҳау ацитрусттәи егьырҭ ақыҭанхамҩатә аалыҵқәеи рыиагараан афотосанитартә (акарантинтә) сертификат амазаара ахәҭоуп.
Атәылауаа рхатә хархәаразы аҳазалхратә баџьи ашәахтәқәеи ахымшәаакәа ииаргар ауеит зыхәԥса 500 евро рҟынӡа инаӡо, зыкапан 25 кьыла иреиҳам атауарқәа. Ахәԥса, мамзаргьы акапан аизырҳараан атауарқәа адекларациа азура шәҟәыла ирхианы, атауар аҳазалхратә хәыԥса аҟынтәи 30% рҟынӡа, аха убри аан уи кьылак азы 4 евро еиҵам иаку ақәҵа ала аҳазалхратә баџь ахшәаарала имҩаԥысуеит.
