Алахеиқәҵаратә усмҩаԥгатә мҩаԥысуеит асабша, абҵарамза 22, асааҭ 12:00 рзы Аҟәа ақалақь, Ешба имҩала игылоу аҩны №173 «В».
Беслан Бебиа анышә дамардоит Аладатәи Џьырхәа ақыҭан.
Беслан Едуард - иԥа Бебиа диит лаҵарамза 12, 1963 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы. 1978 шықәсазы дҭалеит Аҟәатәи акультура-рккаратә ҵараиурҭа, аамҭак ала иара Аҳәынҭқарратә ансамбль «Шьараҭын» ахкынагӡаҩ иаҳасабала ирҿиаратә мҩа данылеит. Аҵараиурҭа адиплом ҟаԥшь ала даналга ашьҭахь, иара Москватәи Аҳәынҭқарратә акультура Аинститут аҿы иҵарадырра иациҵеит.
1982 шықәсазы иара Москватәи арратә округ ашәаҳәареи акәашареи рзы афронттә ансамбль аҿы арратә маҵзура дахысуан. Иҵара аныхиркәша ашьҭахь иара дхынҳәит иансамбль гәакьа ахь, раԥхьа аболетмеистерс аус иуан, анаҩс, 1996 шықәса анаркны уи адиректорси абалетмеистр хадаси дҟалеит.
Беслан Бебиа аԥснытәи ахореографиа аҿиара илагала ду алеиҵеит. Иара иқәиргылеит еицырдыруа акомпозициақәа «Асовет Еидгыла ажәларқәа реиҩызара» («Дружба народов СССР»), «Кавказ ажәларқәа реиҩызара» («Дружба народов Кавказа»), иара убас акәашарақәа «Шьараҭын», «Ауапақәа рыла акәашара» «Нарҭаа» рҿы ахкытә партиақәа наигӡон.
Беслан Бебиа Аԥсы жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра далахәын, аҟыбаҩ злоу кәашаҩын, дырҵаҩын, днапхгаҩын. Иара ареспублика акультуратә ԥсҭазаара аҿы ишьҭа аанижьит.
