Print this page
вчера 14:06

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада адомино азы жәларбжьаратәи афедерациақәа рнапхгаҩцәа дырԥылеит.

Аҟәа. Абҵарамза 21, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба  адомино азы жәларбжьаратәи афедерациақәа рнапхгаҩцәа дырԥылеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура. 

Адомино азы жәларбжьаратәи афедерациақәа рнапхгаҩцәа Аԥсныҟа иааит Аԥсны адомино азы Афедерациа Актәи ахада Артур Габуниа игәалашәара иазку иаарту Жәларбжьаратәи аицлабра аҽалархәразы. Аицлабра мҩаԥысуеит абҵарамза 21 инаркны 24 –нӡа Афон ҿыц.

Аиԥылара иалахәын аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагба, Аԥсны адомино азы Афедерациа ахантәаҩы Ҭемыр Лакербаиа, Артур Габниа игәалашәара иазку Афонд ахантәаҩы Алмас Габуниа.

«Бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит! Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп Аԥсны адомино азы Афедерациа Актәи ахада—  адомино азы Афедерациа аԥҵара ахыҵхырҭақәа рыҟны игылаз Габуниа Артур Махаз-иԥа игәалашәара иазку иаарту Жәларбжьаратәи аицлабра. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит ари ауаҩи ҳтәылеи рганахьала иаашәырԥшуа аҳаҭырқәҵаразы!» — ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба.

Аҳәынҭқарра Ахада 2027 шықәсазы Аԥсны адомино азы Аицлабра амҩаԥгара ишазхиоу азы аҳәамҭа ҟаиҵеит.

 «2011 шықәсазы Аԥсны имҩаԥысыз адомино азы адунеи ачемпионат ҳазгәдууп. Ари ҳара ҳзы акрызҵазкуа хҭысуп, аиԥылара схы иархәаны, исҳәар сҭахуп 2027 шықәсазы Аԥсны адомино азы Аицлабра амҩаԥгара ҳшазхиоу», — иҳәеит Бадра Гәынба.

Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иҳәеит аԥсуа команда атәыла ахьӡала иахьықәгылаз ақәҿиарақәа шамоу, иҳараку апрофессионализм шаанарԥшыз. 

Асасцәа Бадра Гәынба иҭабуп ҳәа иарҳәеит аԥхарра зҵаз адкылареи Жәларбжьаратәи аицлабра аҽалархәразы ироуыз алшареи рзы, Аԥсны аҟазаара  дара рзы иамоу аҵак ду азгәаҭаны, ас еиԥш акрызҵазкуа ахҭыс шраҩырмыжьыз азгәарҭеит.  

Адомино азы Жәларбжьаратәи афедерациа ахада Мануел Окендо 2011 шықәсазы Аԥсны адомино азы адунеи ачемпионат мҩаԥысижьҭеи 14 шықәса раахыс Аԥсны аҽшеиҭанакыз азгәеиҭеит.

«Сара 14 шықәса раԥхьа Аԥсны ачемпионат аҟны сыҟан, уи аахыс ара зегьы аҽаԥсахит. Избоит аргыларақәа шымҩаԥысуа, зегьы есааира ишеиӷьхо, ари угәы иахәоит», — ҳәа иҳәеит иара.

Адомино азы Афедерациа ахада Венесуел Ефраин Веласкес иҳәеит Венесуела Ахада Николас Мадуро Бадра Гәынба ихьӡала салам шааиҭыз.

Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иҳәеит аибабара, аспорт ала аусеицура аҵак ду шрымоу, урҭ ажәларқәа реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара ишацхраауа.

«Акыр иаԥсоу аҩызцәа, даҽазныкгьы иҭабуп ҳәа шәасхәоит Аԥсны шәахьаҭааз азы. Ҳара ҳзы аҵак ду амоуп ҳҩызцәа рыҟнытә иҳамоу адгылара. Аспорт ауаа еиднакылоит. Шәара шәеидгылараҟны ишәыбжьоу аизыҟазаашьақәа ирыҵоу аԥхарра збоит. Ари иахьа, иуадаҩу аамҭазы ауаа еизааигәанатәуеит.  Шәара ишәыбжьоу аизыҟазаашьақәа ажәларқәа рыбжьара ауаатәҩсатә еимадарақәа рышьақәыргылара алдыршоит. Аԥсныҟа шәаара ҳауаажәлар гәахәарала ирыдыркылоит.  Шәара — еиуеиԥшым акультурақәа рхаҭарнакцәа, зхатә хаҿра змоу атрадициақәеи амилаҭқәеи еидызкыло уаауп. Ауадаҩрақәа, аиҿагыларақәеи аполитикатә ԥынгылақәеи шыҟоугьы, ауаа еизааигәазтәуа амҩақәа шәыԥшаауеит. Шәара шәеидгылара аҩныҵҟа ихадароу ауаҩытәҩсатә ҟазшьақәа реиқәырхара шәылшоит», — ҳәа иҳәеит  Бадра Гәынба.

 

 

 


Read 24 times