Print this page
20.Абҵара.2025

Ареспубликатә хәышәтәырҭаҟны аусура иалагаз Ареспубликатә шьа-датә центр аҿы раԥхьатәи аԥҟара мҩаԥыргеит.

Аҟәа. Абҵарамза 20, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә хәышәтәырҭаҟны аусура иалагаз Ареспубликатә шьа-датә центр аҿы аԥснытәи аҳақьымцәа урыстәылатәи рколлегацәа рыцны раԥхьатәи аԥҟара мҩаԥыргеит. Уи ҩ-сааҭк инареиҳаны ицон, қәҿиаралагьы ихыркәшахеит.

Аҳақьымцәа апациент ишьапы аиқәырхара рылшеит, аԥҟара иҷыдоу амедицинатә аппарат – ангиограф аҿы имҩаԥысуан. Уи Урыстәылатәи Афедерациа ацхыраарала иаахәан.

Ацентр аҿы ишьақәыргылоу аиқәыршәага адиагностикатәи ахәышәтәратәи аусмҩаԥгатәқәа рацәаны рымҩаԥгара алнаршоит.

Урыстәылатәи аҳақьымцәа ражәақәа рыла, ацентр аколлектив анаҩстәи аусура, иҿыцу апациентцәа рыдкылара иазхиоуп.

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иҿыцу аҟәша аусура аилкаареи уаҟа апациентцәа рзы иаԥҵоу аҭагылазаашьақәеи рбареи рзы Ареспубликатә хәыфшәтәырҭа даҭааит.  

Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Аҳәынҭқарра Ахада раԥхьатәи аԥҟара шымҩаԥысыз азы адырра иҭеит:

«Уажәы аҩбатәи аԥҟара мҩаԥысуеит. Уи зымаха-шьаха ашьазымхара иахҟьаны ашьапхҵәара зықәшәар ауаз ачымазаҩ иҟноуп. Абас еиԥш зтехнологиа ҳараку аԥҟара мҩаԥгамзар, хымԥада ашьапхҵәара иқәшәон. Уажәы ачымазаҩ ҷыдала хылаԥшра ахьимоу ахәышәтәырҭатә палатаҟны дыҟоуп. Аԥснытәи аҳақьымцәеи урыстәылатәи аколлегацәеи еидгыланы имҩаԥыргаз аԥҟара қәҿиарала ихыркәшоуп. Аппарат аус шауа, аспециалистцәа шазыҟаҵоу азгәасҭарц сҭахуп. Абар аҩбатәи ачымазаҩгьы - ашьазымхара иахҟьаны агәыхь чымазара змоу. Абри аамҭазы ахирургиатә ԥҟара мҩаԥысуеит.

Аԥсҭаҵара, иаҭаху амаҭәахә, иара убас аԥҟара амҩаԥгаразы хархәара змоу афымцахархәара ацәыхьчара — ари зегьы еизакны иҟоуп ара», — иҳәеит Едуард Быҭәба.

Аҳәынҭқарра Ахада аҳақьымцәа қәҿиарала инарыгӡаз аусура азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит. «Имҩаԥгоу аусуразы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Ҳазегьы иеилаҳкаауеит ауаҩы иԥсҭазаара аиқәырхара иамоу аҵакы. Аԥсны ас еиԥш, ирласны ачымазаҩ иеиқәырхаразы хырԥашьа змам ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара алзыршо аҭагылазаашьа аԥҵара ҳазыԥшуижьҭеи акыр ҵуан. Агәра згоит, ари шәҩыла ҳауааажәлар реиқәырхара алнаршоит ҳәа. Ари аҵак ду амоуп», — ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аҳәынҭқарра Ахада урыстәылатәи аҳақьымцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит иҟарҵаз адгыларазы, ареспубликазы аҵак дуӡӡа змоу амедицинатә хырхарҭа анагӡара ахьалыршахаз азы.

«Ҳәарада, иҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп Сергеи Владилен-иԥа Кириенко.   Ангиограф азы адгылара ҳарҭарц иҟаҳҵаз ажәалагала иара иаразнак иақәҿиҭны, апроект адгылара аиҭеит. Мызқәак рышьҭахь ас еиԥш ацентр аартхеит ҳәа иахьа ҳазгәдуны иаҳҳәартә еиԥш алшара ҳамоуп», — иазгәеиҭеит Бадра Гәынба.

Аҳәынҭқарра Ахада иара убас иҭабуп ҳәа реиҳәеит УА Агәабзиарахьчара аминистрреи АА Агәабзиарахьчара аминистрреи.

Аҳәынҭқарра Ахада иаҵшьны иҳәеит апроект иамоу аҵак ду ҳасаб азуны арҭ аҭагылазаашьақәа раԥҵаразы 70 миллион мааҭ инареиҳаны иазԥхьагәаҭамыз абиуџьеттә хархәагақәа шазоужьу.

Бадра Гәынба иара убас аԥҟара ззыруз раԥхьатәи апациент дибеит, игәалаҟазаара дазҵааит, иаарласны ишьапы дықәгыларц изеиӷьаишьеит.

Аҳәынҭқарра Ахада амедицинатә усзуҩцәа иҭабуп ҳәа раҳәаны Ацентр аҿы зҽызхәышәтәуа атәылауаа зегьы агәабзиара рзеиӷьеишьеит.

Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба иазгәеиҭеит ари апроект анагӡараҟны Аԥсны Ахада ироль, аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адгылара иабзоураны ари азҵаара ирласны аӡбара шалыршахаз.  

Едуард Быҭәба Сергеи Кириенко ихьӡала ҷыдала иҭабуп иҳәеит иҟаиҵаз адгыларазы, иара убас ари ацентр амҩаԥысшьа хылаԥшра азуразы изныкымкәа Аԥсны иаҭаахьаз Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко.

Едуард Быҭәба хазы иҭабуп ҳәа реиҳәеит аргылаҩцәа, дара ралахәрада апроект анагӡара шалымшоз, Ареспубликатә шьа-датә центр ҿҳәара кьаҿлагьы аргылара шалымшоз азгәаҭаны. 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 


Read 9 times