Print this page
24.Абҵара.2025

Афиналтә конкурс-концерт «Жәлар рсцена – Лабҿаба» мҩаԥгахоит абҵарамза 30 рзы Аҟәа ақалақь аҿы

Аҟәа.  Абҵарамза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Афиналтә конкурс-концерт «Жәлар рсцена – Лабҿаба» мҩаԥгахоит абҵарамза 30 рзы Аҟәа ақалақь аҿы, Аԥсуа адраматә театр аҿаԥхьа. Анеира хәыда-ԥсадоуп. Абри азы адырра ҟанаҵоит акультура Аминистрра апресс-маҵзуреи апроект аиҿкааратә комитети.

Аконкурс афинал аҿы иқәгылоит Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи алԥшааратә турқәа рҿы аиааира згаз. Урҭ ахәаԥшцәа иддырбоит абарҭ аҟазара ахырхарҭақәа рыла ирылоу аҟазара:

  • Ахореографиа: акәашара еиуеиԥшым ажанрқәеи астильқәеи.
  • Авокал: ахкытәи ансамбльтәи анагӡара.
  • Апоезиа: ажәеинраалақәа автортә аԥхьара.
  • Ажәабжь: ҿырҳәала ажәабжь аиҭаҳәара (аԥсышәалеи аурысшәалеи).
  • Егьырҭ анагӡаратә ҟазара ахкқәа.

Апроект «Жәлар рсцена – Лабҿаба» нагӡахеит Аԥсны акультура Аминистрреи, иара убас урыстәылатәи апартниорцәеи акультура аусзуҩцәеи активла иҟарҵоз ацхыраарала. Уи Ареспублика Аԥсны абаҩхатәра злоу аҿар раарԥшреи, адгылара рыҭареи, анаҩс аҟазара еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы рӡыргареи иазырхоуп.   

Апроект автори анапхгаҩыси дамоуп  – Ҭемраз Ҭаниа.


Read 334 times - Аҩаша, 25 Абҵара 2025 16:12