- Ихадоу атурнир аҿы актәи аҭыԥ ааникылеит Табариан Артиом (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ – Бигәаа Роланд (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥ – Шанаа Ҭемыр (ақ.Очамчыра).
- Аветеранцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Миносиан Сергеи (ақ. Очамчыра), аҩбатәи аҭыԥ – Ҭыжәба Константин (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥ – Наҟоԥиа Борис (ақ. Аҟәа).
- Аҳәса рыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит Лакәатаа Сарида (ақ. Аҟәа).
- 16 шықәса зхымҵӡац арԥарцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Багаҭелиа Нестор (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ – Топчиан Армен (Гәылрыԥшь аҳабла), ахԥатәи аҭыԥ – Жирков Герман (ақ. Аҟәа).
- 16 шықәса зхымҵӡац аҭыԥҳацәа рыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит Гәынба Лана (ақ.Гәдоуҭа), аҩбатәи аҭыԥ – Лакоба Сариа (ақ.Гәдоуҭа), ахԥатәи аҭыԥ – Ельшаер Софиа (ақ. Аҟәа).
Аԥхьахәқәа згаз зегьы ахраҿақәа, амедалқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәеи аԥаратә ҳамҭақәеи ранашьахеит.
Аҳамҭақәа рыҭара иадҳәалаз ацеремониа рхы аладырхәит Гәылрыԥшь араион Ахадара аспорт аҟәша Роман Лацәышбеи аҿар рыҟәша аиҳабы Аслан Ломиеи.
Атурнир мҩаԥнагеит Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа. Убри аан ацхыррара ҟанаҵеит Гәылрыԥшь араион Ахадара аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аилак.
