Print this page
26.Абҵара.2025

Атуризм аминистри ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоуи атуризм ашәарҭадареи ахәыҷқәа адгылара рыҭареи азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Абҵарамза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳаи атуризм аминистр Асҭамыр Логәуеи реиԥылара. Аиҿцәажәарақәа раан аганқәа ихадоу ҩ-хырхарҭак ирылацәажәеит: атуристтә обиектқәа ршәарҭадара ашьақәыргалареи аибашьратә хҭысқәа ахьымҩаԥысуа арегионқәа рҟынтәи ахәыҷқәа адгылара рыҭареи, ҳәа адырра ҟанаҵоит ахәыҷтәы аомбудсмен Иаппарат.

Атуристтә инфраструктура ашәарҭадара

Амшхәаԥштә зҵаара хаданы иҟалеит атуристтә обиектқәа ршәарҭадара. Аӡбамҭа рыдыркылеит ареспублика раионцыԥхьаӡа ашәарҭадаразы анапхгарабжьаратәи акомиссиақәа раԥҵаразы. Урҭ атуристтә инфраструктура ашәарҭадара анормақәа иыхьынӡарықәшәо азы агәаҭарақәа мҩаԥыргалоит. Ари зегьы аиҳарак ахәыҷқәа зманы ԥсшьараҳәа иаауа рыԥсшьараамҭа иманшәаланы ашәарҭара аҵамкәа имҩаԥысырц аҟаҵара иазырхоуп.

Аиҿагыларақәа ахьымҩаԥсуа аҭыԥқәа рҟынтәи ахәыҷқәа адгылара рыҭара

Ҷыдала ахшыҩзышьҭара аҭан аибашьратә хҭысқәа ирыхҟьаны ааха зауз ахәыҷқәа адгылара рыҭара азҵаара. Иалацәажәеит апроект «Уаҵәашьҭахь» («Послезавтра»), уи аҳәаақәа ирҭагӡаны  200-ҩык ахәыҷқәа рзы «алагертә смена» аиҿкаара азԥхьагәаҭоуп. Ари апроект аибашьра иахҟьаны ааха зауз ахәыҷқәеи ахбыџқәеи рсоциалтә адаптациаеи апсихологиатә цхыраара рыҭареи иазырхоуп. Асмена ахықәкы хаданы иҟоуп   – ахәыҷқәа рреабилитациеи реиҭашьақәыргылареи рзы ацхырааргӡатә ҭагылазаашьқәа раԥҵара.

Хықәкылатәи (иконкрету) аӡбамҭақәа

Аиԥылара аихшьаалақәа рыла, атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа аобиектқәа ршәарҭадаразы акомиссиа аилазаара иалаҵаразы аҭакзыԥхықә анагӡаҩ даиҭеит, иара убас напхгара зиҭо ахылаԥшырҭа ахь апроект «Уаҵәашьҭахь» («Послезавтра») аҳәаақәа ирҭагӡаны алагертә смена аиҿкааразы, иаҭаху адгылара аҭаразы  адҵа ҟаиҵеит.

Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьал аминистр иҭабуп ҳәа иалҳәеит оперативла ари азҵаара дахьазхьаԥшызи иааирԥшыз аконструктивтә знеишьеи рзы. Уи убри аан Аԥсны ахәыҷқәа рзинқәеи ринтересқәеи рыхьчаразы амчқәеи алшарақәеи реилаҵара иаҵоу аҵакы ахадара инаҵшьны иазгәалҭеит.


Read 147 times