Хҩык Аԥсны атәылауаа рганахьала Урыстәыла иахьаҵанакуа ашьаусқәа рхацыркра азы аинформациа дахцәажәо, апрокурор Хада Аԥсны апрокуратура Хада ахь урыстәылатәи рколлегацәа рҟынтәи изеиԥшразаалак аофициалтә дырраҭара, мамзаргьы азыҳәамҭа мааӡеит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
«Ареспублика Аԥсны атәылауаа Аконституциеи иҟоу ашьаусмҩаԥгаратә закәанԥҵареи инақәыршәаны жәларбжьаратәи азинтә усеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны ашьаустә шьҭазаара иаҵанакӡом. Урҭ Урыстәылатәи Афедерациа аган ахь рыҭара иаҵанакӡом.
Ҳара ҳхала абҵарамза 5, 2025 шықәсазы Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз ахҭысқәа азинтә хәшьара аҳҭароуп. Ари азҵаара аҿы сара шәара шәзанааҭдырреи шәобиективреи сақәгәыӷуеит. Агәаҭара амҩаԥысшьазы адырра есыҽны исышәҭаларц аҳәара ҟасҵоит. Сыхәҭаахьала, сара уи азы адырра исҭалоит Аҳәынҭқарра Ахада», - ҳәа иазгәеиҭеит Адгәыр Агрба.
