Print this page
вчера 3:57

Бадра Гәынба Кәыдрытәи аҩхааҿы иҟоу аҳәаахьчаратә отриад «Птыш» даҭааит.

Аҟәа. Абҵарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Кәыдрытәи аҩхаа ахь иусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аҳәаахьчаратә отриад «Птыш» даҭааит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Бадра Гәынба аҟәшеиҵа адҵаҟаҵаҩи ахатәы еилазаареи дрыҿцәажәеит, арратә маҵзура анагӡаразы араҟа иаԥҵоу аҭагылазаашьақәеи аҳәаахьчаратә ҭыԥ аинфраструктуреи гәеиҭеит. Иара Шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниа анапынҵа ииҭеит хара имгакәа ауадақәа реиҭашьақәыргылара алагара азы.

Аҳәынҭқарра Ахада аҳәаахьчаратә отриад «Птыш» аусзуҩцәа иҳараку рзанааҭдырреи аҳәынҭқарра ашәарҭадара иазку рмаҵуратә уалԥшьа ламысцқьала анагӡареи рзы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.  


Read 31 times