Уажәы апункт афелшер-акушертә пункт (ФАП) аиҳабы Галина Гәынба лыҩнаҿы иҟоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Афелшер-акушертә пункт (ФАП) аиҳабы Аҳәынҭқарра Ахада ақыҭауаа амедицинатә цхыраара шрыҭахо атәы, иара убас афелшер-акушертә пункт (ФАП) инагӡаны аусура алыршаразы иаҭаху ацхыраареи адгылареи ртәы изеиҭалҳәеит.
Аҳәынҭқарра Ахада Шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниа анапынҵа ииҭеит аамҭа кьаҿ иалагӡаны ахәышәтәырҭа ахыбра ахәҭак афелшер-акушертә пункт (ФАП) азы еииҭашьақәыргылазарц.
Ахәышәтәырҭа ахыбра зегьы аусура аларгара азы ҭаххра ыҟаӡам, избан акәзр аҩхааҿы ауааԥсыра маҷны иҟоуп.
Аҳәынҭқарра Ахада амедицинатә пункт аиҳабы агәра лиргеит иара агәабзиарахьчара Аминистрра адҵа шаиҭо афелшер-акушертә пункт (ФАП) еиԥҟьарада хәшыла аиқәыршәара еиҿнакаарц.
Аҳәынҭқарра Ахада иара убас аҭыԥантәи амилициа аҭыԥ аиҳабы Даур Адлеибеи араҟа аҩхааҿы амаҵзура назыгӡо Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахаҭарнак Ноурыз Чачхалиеи дырԥылеит.
Афицарцәа Аҳәынҭқарра Ахада аоперативтә ҭагылазаашьеи амаҵзура ахысра шымҩаԥысуеи рзы адырра ирҭеит.
Бадра Гәынба урҭ рмаҵзура иаҵоу аҵакы ахадара азгәаҭо, дара аусура азы ихымԥадатәиу зегьы рыла аиқәыршәара аганахьала ирызцәырҵло азҵаарақәа зегьы рыла идҵаалаларц шыҟало иаҳәеит.
