Print this page
03.Ԥхынҷкәын.2025

Лииа Гурҵкаиа лышьра афакт ала ашьаус ахәаԥшразы аӡбарҭахь инашьҭуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион Апрокуратура Чачуа Б.Б. идҵоу Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 99 ахәҭа 1 иазԥхьагәанаҭо ацәгьоуразы аусеилыргара хнаркәшеит.

Чачуа Беглар Бадри-иԥа хәажәкырамза 2, 2025 шықәса рзы, асааҭ  13:00 инарзынаԥшуа, Очамчыра араион Баслахә ақыҭан абнара иахьҵанакуа Гурҵкаиа Лииа Владимир-иԥҳаи иареи иаалырҟьаны ирыбжьлаз ажәеимакра иахҟьаны лыхәда аихатә ҭел акәыршаны дихәаҽит ҳәа ахара идҵоуп.    

Лииа Гурҵкаиа дшыԥсыҵәҟьаз анеиликаа, уи лхала лҽылшьызшәа  аҟаҵаразы иишьыз аԥҳәыс лыԥсыбаҩ лыхәда аихатә ҭел шахаршәыз араса амахә аҿы икнаҳаны аҭыԥ аҟынтәи иҽиӡеит. 

Ашьаус ахәаԥшразы Очамчыратәи араионтә ӡбарҭа ахь идәықәҵоуп. 


Read 343 times