Агуманитартә еидара иалоуп ацитрустә шәырқәа.
Аҭыԥантәи ацитрусттә шәырқәа цқьа иалԥшааны амҩа хара ишықәло ҳасаб азуны аҭрақәа ирҭаҵан.
«Аи аибашьра иалагылоу рзы, иара убас иуадаҩу аҭагылазаашьа змоу аҭынч уааԥсыреи рзы ҳара иҳалшо ала ҳлагала ауп», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Гәылрыԥшь араион Ахадара ахаҭарнак.
Агуманитартә колонна Иҷыдоу Арратә Операциа ахьымҩаԥысуа ахь идәықәҵоуп, уи мышқәак рыла аҭыԥ аҟынӡа инаӡоит. Араҟа аидара изызку зегьы ирыҭахоит.
