Print this page
09.Ԥхынҷкәын.2025

Гәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭан 10 кВ амчхара змоу афымцацәаҳәа ҿыц ахархәарахь ирырҭеит.

Новую линию электропередачи ввели в эксплуатацию в селе Ачандара Гудаутского района. Абх. Абх. Абх. Абх. Абх. Абх.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. 10 кВ амчхара змоу иҿыцу аҳауатә афымцацәаҳәа ахархәарахь ирырҭеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аенергетика Аминистрра.  

Уаанӡа афымцацәаҳәа зынаӡара уадаҩу аҭыԥ аҿы иҟан, аҭагылазаашьагьы акыр иуадаҩын.

Ацәаҳәа ҿыц амаршрут ԥсахуп, уи амашьынамҩа иаваршәны имҩаныргеит. 45 шьаҟа ҿыц шьақәдыргылеит, аҭелқәа рыԥсахит.

Уи абзоурала фымцамчла аиқәыршәара еиӷьхоит, аӡынраан алашара аиԥҟьарақәа маҷхоит, афымцамч ахаҭабзиара еиӷьхоит.

 


Read 338 times