«Агәабзиарахьчара ахырхарҭала аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа рыҿиареи, Аԥсни Урыстәылеи ртәылауаа ргәабзиара аиӷьтәреи, амедицинатә цхыраара ашьҭыхреи рҿы илагалақәа рзы Едуард Быҭәба Пирогов ихьӡ зху аорден ианашьазааит», - ҳәа иаҳәоит Урыстәыла Ахада иҭижьыз Аусԥҟа аҿы.
