Print this page
11.Ԥхынҷкәын.2025

Софиа Ҭарба Урыстәыла апкьаҭмпылтә тур аҳәаақәа ирҭагӡаны Шәача имҩаԥысыз атурнир аҿы аџьазтә аԥхьахә лгеит.

Аҟәа.  Ԥхынҷкәынмза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Софиа Ҭарба Урыстәыла апкьаҭмпылтә тур аҳәаақәа ирҭагӡаны Шәача имҩаԥысыз атурнир аҿы аџьазтә аԥхьахә лгеит.

Аспортсменка лҽазыҟалҵоит апкьаҭмпылтә клуб «Аҟәа» аҿы Урыстәыла Зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Татианы Зинина лнапхгарала. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.


Read 247 times