Print this page
17.Ԥхынҷкәын.2025

Аҟәа ақалақь аџьармыкьа Хада аҿы изакәанымкәа апиротехника аҭира афактқәа аарԥшуп.

Аҟәа.  Ԥхынҷкәынмза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аконтрабандеи аҳазалхратә зинеилагарақәеи рҿагыларазы Аусбарҭа аусзуҩцәа  аҟәатәи аџьармыкьа Хада аҿы агәаҭара мҩаԥыргеит.  

Аҟәа ақалақь аҿы инхо Қаџьаа М.К. лнапылеидара аҿы ирбеит адыргаҭарақәа қырҭшәала изныз, КЖәР аҟынтәи иаагоу, убри аан атауар-мҩаԥгаратә зиншәҟәқәа зцымыз 182 цыра апиротехникатә аалыҵқәа.

Қаџьаа М.К. лажәақәа рыла, иарбоу апиротехникатә аалыҵ лара 2024 шықәса, ԥхынҷкәынмзазы Аҟәа ақалақь аҿы илзымдыруаз ауаҩы иҿы анаҩс аиҭаҭиразы иаалхәеит.  Қаџьаа М.К. лхаразы ахараԥса ашәара дшазыхиоу лҳәеит.  

Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аҳазалхратә статистикеи анализи русбарҭа адыррақәа рыла, аԥҳәыс илымхыз атауар аџьармыкьатә хәыԥса 81 900 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Аус аматериалқәа Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусеилыргареи аҳазалхратә ҭҵаареи рыҟәшахьы инашьҭуп.

 


Read 52 times