Олег Барцыц иазгәеиҭеит «2025 шықәса адипломатиатә план ала игәылҭәаан, активра аман, аминистрра инеиԥынкыланы адәныҟаполитикатә приоритетқәа нанагӡон, атәыла аинтересқәа ирыдгылон» ҳәа.
Аилацәажәараан ирыхәаԥшын аҳасабырбатә аамҭахәҭа азы аминистрра аусура алҵшәа хадақәа, анализ рызун ироуз арбагақәа, иара убас ирылацәажәан адәныҟаполитикатә усура ахырхарҭа хадақәа. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан жәларбжьаратәи аусеицура аҿиара, ҩ-ганктәи аимадарақәа рырӷәӷәара, Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә интересқәа жәларбжьаратәи аренаҿы раларҵәара азҵаарақәа.
Иазгәаҭан аминистрра аструктуратә ҟәшеиҵақәеи аҳәаанырцәтә усбарҭақәеи русуратә еинырра, адипломатиатә усура еиҳа хра аманы аизырҳара хықәкыс иҟаҵаны аџьатәи афинанстәи дисциплина арӷәӷәара аҵак ду шамоу.
Аилацәажәара аихшьаалақәа рыла иалкаан аԥыжәара змоу ауснагӡатәқәа, иазгәаҭан адепартаментқәа зегьы рзы 2026 шықәсазтәи аусуратә планқәа.
