Print this page
23.Ԥхынҷкәын.2025

ЗҲәА «СП Путь-А» ԥыхьатәи анапхгаҩы Алик Агрба иганахьала аусеилыргара хацыркуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аусеилыргаратә усбарҭа ЗҲәА «СП Путь-А»  ԥыхьатәи анапхгаҩы Алик Руслан-иԥа Агрба иганахьала егьи аиҿкаара – АУН «Аԥснытәи аихамҩа» ӷәӷәала иаԥырхагахаз ахҟьаԥҟьақәа зцыз азинмчы амыцхә ахархәара аҟазшьақәа азԥхьагәазҭо,  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 196 ахәҭа 2 ала аусеилыргара хацнаркит.  Абри азы адырра ҟанаҵоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аусеилыргара аматериалқәа инарықәыршәаны, Агрба Алик Руслан-иԥа, ЗҲәА «СП Путь-А» адиректор Хаданы даныҟаз, цәыббрамза  7, 2019 шықәсазы ЗҲәА «СП Путь-А» Акционертә Еилазаара «Урыстәылатәи Аихамҩақәа Ахәаахәҭратә ҩни» рыбжьара аилаӡара бжьаҵан. Иарбоу аконтракт ала Аԥснытәи аихамҩақәа рзы иаахәан зыхәԥса 18 млн 13 нызықь 969 мааҭ рҟынӡа инаӡоз зхархәара аҽҳәара цахьаз афымцадәыӷба авагонеиԥшьырақәа ҩба.   

Уажәы Арбитражтә ӡбарҭа аҿы ЗҲәА Еилаху Анаплакы «Путь-А» АУН «Аԥснытәи аихамҩақәа» аҟынтәи ауали нанҳәамза  1, 2019 шықәсазы ибжьаҵаз аагаразы аиқәшаҳаҭра ала 34 млн. 46 нызықь 401 мааҭ рҟынӡа инаӡо ахырԥаԥсеи аршәаразы иаланаҵаз азашра аусеилыргара мҩаԥысуеит.

Иарбоу ашьаусеилыргарала заанаҵтәи аусҭҵаара иацҵахоит.


Read 34 times - Аԥшьаша, 25 Ԥхынҷкәын 2025 15:45