Print this page
23.Ԥхынҷкәын.2025

Атәыла аԥсаӡ Хада аадыртит Ахақәиҭра Ашҭаҿы.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы атәыла аԥсаӡ Хада гәырӷьарала иаадыртит.

Аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи рзы аус руеит аныҳәатә павилионқәа, араҟа иааухәар ҟалоит ахаа-мыхаақәеи иԥхоу арыжәтәқәеи. Ажәҩан аҵаҟа ус ауеит акинотеатр, традициала ашҭа дырԥшӡеит ашықәсҿыцазтәи аиллиуминациала, идыргылеит иҷыдоу афотозонақәа. Аныҳәатә хәылԥазы гәрӷьарыла иҭәын, аныҳәатә концерт еиҿкаахеит, араҟа иқәгылеит аԥснытәи артистцәа, акәашаратә коллективқәа, ахәыҷқәа рзы аныҳәатә ахәыҷтәы дәыӷба аурышьҭит.

 


Read 67 times - Аԥшьаша, 25 Ԥхынҷкәын 2025 17:41