Print this page
23.Ԥхынҷкәын.2025

Аҟәа ақалақь аҿы 2026 шықәсазы 500 шьапы рҟынӡа аҵла ҿыцқәа еиҭаҳахоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  2026 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы реиҭаҳара азԥхьагәаҭоуп 500 шьапы инарзынаԥшуа  аҵла ҿыцқәа, ҳәа апресс-конферециа аҿы иҳәеит Аҟәа ақалақь ахада.  

"Ҳара, ақалақь Ахадара аҟны иаԥҵаны иҳамоуп ақалақь ариаҵәаразы акомиссиа, уи сара схаҭыԥуаҩ инапхгарала есымчыбжь аилатәара мҩаԥысуеит. Акомиссиа аилазаараҿы иҟоуп ақалақь Ахадара аусзуҩцәа, ақалақьтә Еизара адепутатцәа, Аботаникатә баҳча аҟынтәи аспециалистцәа, аекологцәа. Убри аҟнытә иарбан ҵлазаалакгьы ала аӡбамҭа абри акомиссиа аҿы ирыдыркылоит. Аҵлақәа реилыхра, рыхҵәара, мамзаргьы аҿыцқәа реиҭаҳара иадҳәалоу азҵаарақәа – арҭ азҵаарақәа зегьы шьҭарнахыс акомиссиа аҿы ирылацәажәоит.  Иарбан ҵлақәоу еиҭаҳахо, иахьеиҭаҳахо, уҳәа акомиссиа аҿы ирыӡбалоит.  Аха иахьагьы еилкаауп, 500 шьапы инарзынаԥшуа  аҵла ҿыцқәа ҳақалақь иахьаҵанакуа еиҭаҳахоит хара имгакәа. Ари аус хымԥада иацҵахоит», – ҳәа иҳәеит Ҭемыр Агрба. 

 


Read 29 times