2025 шықәсазы азинхьчаратә хылаԥшырҭа Хада атехнологиатә ҿиара еиҳа ахшыҩзышьҭра анаҭеит, 54 аппараттә комплексқәа шьақәыргылан, 34 цыра афото-видео анаԥшра акамерақәеи автоматизациа зызу ахылаԥшратә системақәа быжьбеи уахь иналаҵаны. Уи амашьынарныҟәцаҩцәа рдисциплина аиӷьтәреи аилагарақәа ҟазҵаз рҟынтәи ахараԥсақәа реизгара аиӷьтәреи акыр иацхрааит — 2023 шықәсазы еизгаз хә-миллион мааҭ рҟынтәи ҳазҭоу ашықәс азы 52 миллион мааҭ рҟынӡа. Аха егьа ус иҟазаргьы атехникатә лшарақәа макьаназы иазхо иҟам, избан акәзар амашьынарныҟәцаҩцәа аиҳарак амҩатә ԥҟарақәа ирықәныҟәоит анаԥшра ахьыҟоу аҭыԥқәа рҿы мацара.
Амҩақәа аԥстәбара зцу амашәыртә хҭысқәа рхыԥхьаӡареихшьаала (астатистика) хра злоу адинамика аанарԥшуеит: иҭахаз ауаа рхыԥхьаӡара 2022 шықәсазы 64-ҩык рҟынтәи 2025 шықәсазы 44-ҩык рҟынӡа иагхеит. Аха ашьаҟауаа ирыдҳәалоу аҭагылазаашьа акыр ишыуадаҩыз иаанхоит — уи иадҳәалахоит ҳазҭоу ашықәс азы иҟоу аԥстәбарақәа рыбжеиҳара.
Аминистр ишазгәеиҭаз ала, уаанӡа еиԥш уажәгьы атрагедиақәа рыҟалара ихадоу мзысқәаны иҟоуп амашьына мыцхәы арццакра, иԥгало ацәаҳәа ахь аиасреи арыжәтә ыжәны, мамзаргьы анаркотикатә маҭәашьар рыдкыланы амашьына аԥсҟы акра. Азинеилагаҩцәа рганахьала аминистрра ӷәӷәала ахьырхәратә уснагӡатәқәа мҩаԥнагоит, иааидкыланы хыԥхьаӡара рацәала амашьынақәа ахараԥсатә машьынаргыларҭақәа рҿы рыргылара уахь иналаҵаны.
Роберт Кьиут Урыстәылеи Белорусиеи рԥышәала апроект «Ишәарҭадоу ақалақь» аԥшьгара алнаршеит ҳәа еиҭеиҳәеит. Ахәҭакахьала, амашьынақәа реиԥынгылара азҵаара аӡбаразы Аҟәа ақалақь аҿы аныҟәаразы анаукатә цифратә схема аԥҵаразы Москва ақалақь Ахадара аус ацура мҩаԥысуеит.
Убри инамҩатәны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра акоррупциа аҿагыларазы аҩныҵҟатәи аусура мҩаԥнагоит: Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аҿы ауп аиҳарак акоррупциатә еилагарақәа ахьаарԥшхо, урҭ рыла аусзуҩцәа алеишәатә лахьаҭара адагьы, рмаҵураҟынтә рхы иақәыиҭхоит, аматериалқәа апрокуратурахь ииагахоит. Аминистр ауаҩытәыҩсатә фактор алгареи амҩақәа рҿы аҭагылазаашьа аҭышәынтәалареи рзы ахылаԥшырҭа анаҩсгьы азакәанԥҵара арџьбареи ацифратә хылаԥшра арӷәӷәареи рзы иқәгылалоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
