Print this page
вчера 2:08

Адепутатцәа аиуристтә ҵакы змоу аусқәа рымҩаԥгаразы иршәо аҳәынҭқарратә баџь ишьақәырӷәӷәоу ашәагаа ашьақәыргыларазы аӡбамҭа рыдыркылеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент адепутатцәа «Аҳәынҭқарратә баџь азы» азакәан аиҭакрақәа аларгалеит.  

«Аҳәынҭқарратәбаџь азы» азакәан апроект ахь иалагалаз аиҭакрақәа аиуристтә ҵакы змоу аусқәа рымҩаԥгаразы, мамзаргьы уи азы азинмчы змоу аусбарҭақәа, ма амаҵурауаа адокументқәа рыҭаразы иршәо аҳәынҭқарратә баџь ишьақәырӷәӷәоу ашәагаа ашьақәыргыларала аҳәынҭқарратә баџь ашьықәыргылара иазырхоуп.

Аҳәынҭқарратә баџь ашәагаа ашьақәыргылараан азакәанԥҵарала ишьақәыргылаз 60 мааҭ рҟынӡа инаӡо еиҵаӡоу аџьаԥса ашәагаа ҳасаб азун.  Уи амыцхәрас ицәырҵуеит ишьақәырӷәӷәоу абаџь ашәагаа.

Азакәан апроект аҳәынҭқарратә баџь аилкаара ҳәаақәнаҵоит, аԥарашәаҩцәа, аҳәынҭқарратә баџь ашәара аԥҟареи аҿҳәареи реилкаара, хаз игоу аԥарашәаҩцәа рзы альготақәа рышьақәыргылара иазырхоуп.

Азакәан апроект инақәыршәаны аҳәынҭқарратә баџь зшәо ҳәа иԥхьаӡоуп: аиҿкаарақәа, хазхаҭалатәи анаплакҩцәа, ахатәхаҿқәа.

 


Read 36 times