Print this page
вчера 2:08

Беслан Ҳалуашь: анапхгараҭара ареформақәа атәыла афинанстә хьыԥшымра дырӷәӷәоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы Аилак ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь Аҳәынҭқарра Ахада инашьҭымҭа Аԥсны аҿиара астрадегиа алызкаауа апрограмматә усшәҟәуп ҳәа дахцәажәеит.

Ихадоу аԥшьгарақәа рыбжьара адепутат иаликааит ааигәа ирыдыркылараны иҟоу Абиуџьеттә Закәанеидкылеи инарҭбаау ацифровизациеи – ателемедицина инаркны аҳәынҭқарратә напхгараҭара асистемақәа рҟынӡа.  

«Ацифровизациа жәлар рынхамҩа аусхкқәа зегьы амҽханакуеит. Уи шьаҭанкыла ашәахттәи аҳазалхратәи аусбарҭақәа русура аԥсахуеит, анапхгараҭара ахаҭабзиара шьҭнахуеит, абиуџьет ахь алагалақәа реизҳара иацхраауеит», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит адепутат.

Беслан Ҳалуашь игәаанагарала, уажәы ареспублика ахатәы хашәалахәқәа реизҳара аганахьала иҟоу адинамика асоциалтәи аекономикатәи апрограммақәа рынагӡара аоптимизмла ахәаԥшра алнаршоит. Иара иазгәеиҭеит Апарламент Аҳәынҭқарра Ахада асуверенитет арӷәӷәареи амчра аинститутқәа рмодернизациеи иазырхоу  иаԥшьгарақәа зегьы азакәанԥҵаратә адгылара шанаҭоло.  


Read 26 times