Альгота иаҵанакуеит анхарҭақәа зхатәтәуи аиқәшаҳаҭрала асоциалтә қьыра ала измоуи, ари анхарҭаҿы акатегориа иаҵанакуа ахаҿы дҭаҩны дынхозар. Альгота аиура аиқәыршәаразы арзаҳал ҩны арҵабыргытә усшәҟәқәа ацны Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» аҿга ахь иалаҵатәп. Аиҭакрақәа рацәаны ахәыҷтәы цхыраагӡатә шәатәқәа ирыдҳәалахеит. Ахәыҷы ииразы Асоциалтә ԥгаԥсеи аџьа ахьчареи рзы Афонд ала имҩаԥгахо зныктәи ашәатәқәа реицҵалыҵқәа иааубаратәи ирызҳауеит. Убас, ахәыҷы иираан, дызхылҵыз руаӡәк, ма рҩыџьагьы аус руазар (амаҵзура иалазар), 35 000 мааҭ рызшәахоит. 2025 шықәсазы ари аԥаратә цхыраагӡа 28 000 мааҭ рҟынӡа инаӡон. Зҭаацәа аус рымуа (амаҵ зымуа) ахәыҷы иираан — 28 000 мааҭ рызшәахоит. 2025 шықәсазы ари аԥаратә цхыраагӡа 22 000 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон.
Ақәҵара амчра аиуеит 2026 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны. Анагӡара ахылаԥшра адҵоуп Аԥсны асоциалтә ԥгаԥсеи аџьа ахьчареи рфонд.
Аминистрцәа Реилазаара Аҳәынҭқарра Ахада нанҳәамза 8, 2017 шықәса рзы знапаҵыҩра мҩаԥгаз иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа рмедицинатә ԥгаԥса аиқәыршәареи Урыстәыла амедусбарҭақәа рҿы амедицинатә цхыраара рыҭара алыршареи рганахьала аусеицуразы аԥсны-урыстәылатәи иқәшаҳаҭра ариашарақәа алагаларазы Апкаанҵа анапаҵыҩразы ажәалагалақәа рыдгалара мҩаԥнагоит. Уаанӡа ИАԤ (ОМС) аполисқәа рзы урыстәылатәи амедусҳәарҭақәа рахь адҵаалараан аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы умазар акәын. Иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа рмедицинатә ԥгаԥсазы аиқәшаҳаҭра ариашарақәа ралагаларазы Апкаанҵа анапаҵыҩра ашьҭахь рыстәыла атәылауаҩра змоу Аԥсны атәылауаа урыстәылатәи амедицинатә цхыраара роур рылшоит Ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥса аполис ала аҩнуҵҟатәи аԥсуа тәылауаҩшәҟәи УА аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәи рымазар.
Абизнес азы иалагалахоит афинанстә дисциплиназы иҿыцу аԥҟарақәа. Убас, ашәахтә усбарҭақәа шьҭарнахыс астатистика аусбарҭақәа рҟынтәи заанаҵтәи ашьақәырӷәӷәарада аиҿкаарақәа рҟынтәи аҳасабеилыргаратә ҳасабырбақәа рыдкыларазы алшара роуӡом. Аиуристә хаҿқәа шьҭарнахыс Аҳәынҭстандарт аҿы раԥхьа «ирыдыркылеит» ҳәа адырга роуроуп, уи аамышьҭахь ауп аусшәҟәқәа ашәахтә инспекциа ахь анашьҭразы ирхиоуп ҳәа ианыԥхьаӡахо. Убри аан, игәҩанны инашьҭыз аҳасабырбақәа ахылаԥшырҭаҿы ирыдыркылалоит, аха иҳаҩсыз аамҭахәҭазы азеиԥш статистикатә усдулараҿы аҳасабырабара залыршахом. Хазы игоу ақәҵарала атәыла Анапхгара Аԥсны астратегиатә обиектқәа рхархәаразы аԥҟарақәа (иҷыдоу аҭагылазаашьақәа) шьақәнарӷәӷәеит. Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рышьақәырӷәӷәара ахықәкы хаданы иҟоуп амилаҭтә шәарҭадара ашәарҭарақәа рыԥхьырҟәҟәаара, иҷыдалкаау иаинфраструктура еиԥҟьарада аусура алыршара, иара убас асоциал-економикатәи атәылахьчаратәи аҵакы змоу амазара ахьчара. Аусшәҟәы инақәыршәаны, Иарбоу астратегиатә обиектқәа знапхгараҭараҿы (збаланс иаҵанакуа) иҟоу аусбарҭақәа, аусҳәарҭақәа, ахылаԥшырҭақәа, иара убас егьырҭ ахаҿқәа урҭ рыхьчара алыршаразы аҭакԥхықәра рыдуп. Аҳәынҭқарратә мазара иаҵанакуа, насгьы Аԥсны амилаҭтә шәарҭадареи атәылахьчареи рзы иҷыдоу аҵакы змоу астратегиатә обиектқәа рҿы хазхаҭалатәи ахаҿқәа зинда рнеира алзмыршо аушьҭра-гәаҭаратә режим алагалахоит. Автоматизациа зызу анапхгараҭаратә системақәа, мамзаргьы иҷыдалкаау аинформациатә инфраструктура рыла еиқәыршәоу астратегиатә обиектқәа аинформациа аҟынӡа закәанда анаӡара, ақәхра, мамзаргьы аҳәааркра аҟынтәи ахьчаразы ауснагӡатәқәа рынагӡара ҭакԥхықәраны ирыдуп. Ареспублика Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны, аҳәынҭқарратә мазара иаҵанакуа астратегиатә обиектқәа ахԥатәи ахаҿқәа ахатә мазара аҳасабала рыҭара, иара убас аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рхатәрахьы аиагара ҟалаӡом. Иарбоу аԥҟара еилазго иарбанызаалак аилаӡарақәа хра злам, азакәанмчы змам ҳәа иԥхьаӡахоит.
Аиҭакрақәа алагалахеит иара убас атуристтә усхкы иадҳәалоу аусурагьы. Убас, Афонҿыцтәи аҳаԥы аҭаларазы аекскурсиатә билеҭқәа рыхә шьақәырӷәӷәоуп. Билеҭк ахәԥса 700 мааҭ рҟынтәи 1000 мааҭ рҟынӡа ихалеит. Убри аан Аԥсны атәылауаа, 8 шықәса зхыҵуа рҟынӡа ахәыҷқәа (ртәылауаҩра иахьмырԥшыкәа), Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеранцәеи Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи рзы абилеҭқәа хәыда-ԥсадоуп. Аԥсны усутә ныҟәарыла иаҭааз аҳәаанырцәтәи аделегациақәа, аҳәаанырцәтәи ажурналистцәа, иара убас аҳаԥы имҩаԥнагоу ауснагӡатәқәа рҟны аус зуа АИХ-қәа русзуҩцәа рзы заанаҵы атуризм Аминистрра аҟынтәи ақәыршаҳаҭрақәа раиура ахәҭоуп.
Аныҳәақәа раан амедицинатә еиқәыршәара азҵаара: афинанстә зҵаарақәеи аоперативтә зыҟаҵареи. Ихадоу азҵаарақәа рылацәажәара ашьҭахь, агабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ҳаԥхьаҟа ҩымчыбжь инарзынаԥшуа ашықәсҿыцтәи аныҳәатә ԥсшьарамшқәа шьҭоуп ҳәа иазгәеиҭеит. Рыцҳарас иҟалаз, ари аамҭахәҭа, лассы-лассы амҩа-транспорттә машәырхҭысқәа ацуп, убри аҟнытә раԥхьаӡа иргыланы ицәырҵуеит ӷәӷәала ааха зауз Аԥсны атәылауаа абжьааԥны ахьҽырхәышәтәуа Краснодартәи атәылаҿацә ахәышәтәырҭақәа рымадара азҵаара: «Уажәазы ихадоу амедусбарҭақәа ҩба рҿаԥхьа ауал ҳамоуп: ақ. Краснодар иҟоу Атәылаҿацәтә клиникатә хәышәтәырҭа №1 (17 млн. мааҭ), иара убас Шәача ақалақь аҿы иҟоу ахәышәтәырҭа №4 (3,8 млн. мааҭ)». Аминистр иажәақәа рыла, ауалқәа ршәара азҵаара оперативра рыӡбарада апациентцәа апрофильтә стационарқәа рахь рыиагараан ауадаҩрақәа ҟалар алшоит: «Иаагозар, иацжәацы, иҟалаз авариаҿы зыгәчама абаҩқәа ӷәӷәала ааха зауз ауаҩы иҭагылазаашьа аҭышәынтәалара ҳалшеит, аха мышқәак рышьҭахь иара иҷыдалкаау атравмотологиатә Центр ахь ииагара аҭаххоит. Ҳақьымк иаҳасабала сара еилыскаауеит аныҳәақәа раан урыстәылатәи аклиникақәа рымадара еиԥҟьарада имҩаԥысуазароуп афинанстә зҵаарақәа ирыдҳәаламкәа. Аԥыза-министр Владимир Делба ауалқәа ршәаразы алимитқәа рышьҭыхразы аӡбамҭа шрыдыркылаз атәы иҳәеит: «Атәылауаа рыхәышәтәреи ихымԥадатәиу ахәшәқәа раахәареи – ари есымша ахылаԥшра заҳҭало ихадоу ахырхарҭақәа роуп». Иара убас Едуард Быҭәба ареспублика агәабзиарахьчара ашықәсҿыцтәи аныҳәатә мшқәа раан аусура инагӡаны иазхиоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит: «Аҷаԥшьаратә бригадақәа еқәыршәоуп, аиҭакқәа рыграфикқәа шьақәырӷәӷәоуп, ахәышәтәырҭатә усбарҭақәа зегьы рзы амедицинатә маҭәашьарқәа ихымԥадатәиу арезерв аԥҵоуп». Владимир Делба апрофильтә хылаԥшырҭақәа зегьы амш ацәгьахара аҽазыҟаҵаразы адҵақәа рыҭоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. Иаҭахханы иҟалозар, амҩақәа рҿы амшцәгьақәа рахҟьаԥҟьақәа рықәгаразы аусура иадыԥхьалахоит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аминистрра амчқәа. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа иара напхгара зиҭо ахылаԥшырҭа аҭагылазаашьа аицәахара иазхиоуп ҳәа иазгәеиҭеит. Амш ацәгьахара иазхиоуп аенергетика Аминистррагьы. Баҭал Мышәба иажәақәа рыла, уажәазы авариатә ҿыхрақәа рырҽеиразы аусура азы ахатәы мчқәеи ахархәагақәеи азхоит.
Атәыла Анапхгара 2025 шықәсазы аусура аихшьаалақәа.
Аминистрцәа Реилазаара аилатәара ахыркәшамҭаз аԥыза-министр Владимир Делба 2025 шықәсазы атәыла Анапхгара аусура аекономика, асоциалтә политика, аенергетикеи ақыҭанхамҩеи рҿы хырԥашьа змам азҵаарақәа рыӡбара иазырхан ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит: «Обиективла ауадаҩрақәа шмаҷымызгьы, ареспублика иалшеит ихадоу аекономикатә рбагақәа раарԥшра. Уи иацхрааит имаҷуи ибжьаратәуи абизнес, аенергетикатә сектори ақыҭақәа рҿы ақыҭанхамҩатә проектқәа рынагӡареи адгылара рыҭара иазырхоу ахықәкытә программақәа». Аԥыза-министр иажәақәа рыла, атәыла абиуџьеттә система еиԥҟьарада ахашәалахәқәа ралагалара иабзоураны ихымԥадатәиу асоциалтә шәатәқәа нагӡаны рыҟаҵара алыршахеит. Хра злоу адинамика алыршахеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы, ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзуреи рганахьала анапхгаратә хылаԥшра арӷәӷәара иабзоураны. Асоциалтә усхкы аҿы Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵала хазы игоу акатегориақәа ирыҵанакуа атәылауаа рзы ашәатәқәа ршәагаа иацҵан, иара убас арҵаҩцәа рзы иҿыцу ауалафахәытә цҵақәа алагалан, аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа руалафахәы иацҵан. Ацҵақәа иааизакны реицҵалыҵ 50 миллион мааҭ рҟынӡа инаӡоит. «Аҳасабырбатә аамҭахәҭазы атәыла Анапхгара Аҳәынҭқарра Ахада иахь ахәаԥшразы инашьҭыз 600 инареиҳаны азакәан иацу ашәҟәынҵақәа аднакылеит, 50 инарекиҳаны азакәан апроектқәа. Ихадоу аусура ахырхарҭаны иҟаоеит аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи рҿы анапхгараҭаратә процессқәа рцифровизациа. Уи иабзоураны аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рыҩаӡара ахаҭабзиара иааубаратәы иазҳаит». 2026 шықәсазы ихадоу ахыдҵақәа раҳасабала Владимир Делба иаликааит ԥхынҷкәынмза 26 рзы Аҳәынҭқарра Ахада Жәлар Резара-Апарламент ахь иҟаиҵаз анашьҭымҭа иарбоу ахыдҵақәа: аҵарадырра асистема арҿиара, адемографиатә политикеи ашәахтә усхкы ареформеи. «Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭахоит ақыҭақәа рҵакырақәеи анхара-фермертә нхамҩақәеи адгылара рыҭара азҵаара», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
