Print this page
29.Ԥхынҷкәын.2025

Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭаҿы аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьара иазку аныҳәатә церемониа мҩаԥысит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҿы аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьара иазку аныҳәатә церемониа мҩаԥысит. Абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Арӡынба Салыбеи Зосим-иԥа – Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аамҭазы иԥсадгьыл аҿаԥхьа илшамҭақәа рзы, апартиа «Амцахара» аԥҵараҿы илагалазы, атәыла ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара алахәхаразы данҭаха ашьҭахь ианашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара. Аҳамҭа идикылеит иара иԥа. 

Аиба Гарик Григори-иԥа –  аибашьра аамҭазы илшамҭа дуқәа, апартиа «Амцахара» аԥҵараҿы илагала, атәыла ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара дахьалахәыз азы данҭаха ашьҭахь ианашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара. Аҳамҭа идикылеит иара иԥа. 

Џьапуа Баҭал Рушьни-иԥа – аибашьра аамҭазы илшамҭа дуқәа рзы, атәыла ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара дахьалахәыз, амилаҭтә сахьаркыратә культураҿы илагала ду азы «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара ианашьоуп.

Гыцба Леванти Борис-иԥа – 1970–1980 шш. амилаҭ-хақәиҭратә қәԥараҿы илагалазы, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аамҭазы илшамҭа дуқәа рзы «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара ианашьоуп. Аҳамҭа лыдылкылеит иԥҳа.

Аԥсны Афырхаҵа Тәанба Виктор Шьалуа-иԥа –1992–1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи  еибашьра ашықәсқәа раан аԥсадгьыл аҿаԥхьа илшамҭа дуқәа рзы, апартиа «Амцахара» аԥҵараҿы илагалазы, иус гәык-ԥсыкала иазыҟазааразы, ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара иалахәхаразы «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара иоуит.

Аҩӡба Хьыкәыр Шьаадаҭ-иԥҳа – Очамчыратәи араионтә газеҭ «Ерцахә» аредакциаҿы шықәсырацәала лҵшәабзиала лусуразы «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара ланашьоуп.

Голанӡиа Вахтанг Владимир-иԥа – Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра ашықәсқәеи аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәеи рзы илшамҭақәа рзы, атәыла ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара активла дахьалахәыз азы данҭаха ашьҭахь ианашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара. Аҳамҭа лыдылкылеит уи иԥҳа.

Еныкь Григори Раџьден-иԥа –аԥсадгьыл аҿаԥхьа илшамҭақәеи ауаажәларра-политикатә усуреи рзы «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара иоуит.

Гыцба Руслан Рауф-иԥа – Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳазалхратә маҵзура ашьақәгылареи аҿиареи рҿы илагалазы «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара ианашьоуп.

Арӡынба Гарри Ҷыҷыкәа-иԥа – Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аамҭеи аибашьра ашьҭахьтәи аамҭеи рзы иԥсадгьыл аҿаԥхьа илшамҭақәа рзы «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара ианашьоуп.  Аҳамҭа идикылеит иара иԥа.

Ахба Аслан Иаков-иԥа – аспорттә еихьӡара ҳаракқәеи Аԥсы абокс аҿиараҿы хаҭала илшамҭақәеи еиҵагыло аҿар рааӡараҿы илагалеи рзы «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара ианашьоуп.

Чамагәуа Алеқсандр Ҳаџьараҭ-иԥа – шықәсырацәала ламысцқьала иусуреи, ипрофессионализм ҳараки, активла иҭҵаарадырра-практикатә усуреи рзы «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара ианашьоуп.

Судак Николаи Максим-иԥа –  шықәсырацәала ламысцқьала иусуразы, ипрофессионализм ҳарак азы, активла аҭҵаарадырра-техникатә усуразы «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара иоуит.

Аинструменталтә ансамбль «Аԥхьарца» анапхгаҩы Ԥарулуа Даур Шьалодиа-иԥа – жәлар рҟазара аҿиараҿы хаҭалатәи илагала ду азы «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара ианашьоуп.

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 


Read 70 times - Ахәаша, 09 Ажьырныҳәа 2026 16:16