Print this page
26.Ԥхынҷкәын.2025

Жәлар Реизара-Апарламент ақәҵарала Аԥсны Абанк 2026 шықәсазтәи аныхрақәа рхарџьынҵа иацҵоуп.

Аҟәа.  Ԥхынҷкәынмза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ақәҵарала Аԥсны Абанк 2026 шықәсазтәи аныхрақәа рхарџьынҵа иацҵоуп: 100 млн. мааҭ рҟынӡа  — абанкнотқәеи аԥараҿырпқәеи рҭыжьра азы, иара убас 17 млн. мааҭ — аусура аиҿкаареи аулафахәы ашәареи рзы. Абри азы адырра ҟаиҵеит  Аԥсны Амилаҭтә Банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа.

Беслан Бараҭелиа иажәақәа рыла уаҟа ихадоу хәҭоуп — аемиссиатә усуразы аныхрақәа рыхәҭаҷ 100 миллион мааҭ рҟынӡа ацҵара.

Уи анаҩс, аоперациатә усуразы аныхрақәа 17 млн. мааҭ рыла еиҳахоит, иара убас Амилаҭтә Банк аусзуҩцәа рулафахәы ашәаразгьы аныхрақәа ирыцлоит.

 

 


Read 25 times - Амҽыша, 11 Ажьырныҳәа 2026 14:00