Иҿыцу анормақәа инарықәыршәаны, Амилаҭтә Банк астатистиказы Аҳәынҭқарратә Еилакы аҟынтәи адыррақәа раиуразы азыҳәамҭақәа рышьҭра адагьы, хазхаҭала аусхкытә статистикатә анаԥшрақәа рымҩаԥгара алшалоит. Уи иабзоураны абанк еиҳа инарҵауланы имҩаԥысуа аекономикатә процессқәа ранализ аҟаҵареи еиҳа ирласны афинанстә џьармыкьаҿы иҟоу аиҭакрақәа разхьаԥшреи рзы алшара аиуоит.
Азакәан апроект аԥшьгаҩцәа ргәаанагарала, ахылаԥшырҭақәа рыбжьара ишиашоу ала аинформациатә еимадара атәылаҿы аналитика аҩаӡара шьҭнахуеит.
Аус аҿы астатистикатәи афинанстәи аусбарҭақәа реимадара ареспублика аекономикатә ҭышәынтәала иацхраароуп.
