Print this page
27.Ԥхынҷкәын.2025

Асамбист Инал Гаделиа – 2025 шықәсазы Аԥсны иреиӷьу аспортсмен ҳәа далкаауп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Асамбист Инал Гаделиа 2025 шықәсазы Аԥсны иреиӷьу аспортсмен ҳәа далкаауп.

2025 шықәсазы Инал Гаделиа  Ареспублика Белорусь Ахада Алеқсандр Лукашенко иҳамҭақәа рзы асамбо азы Жәларбжьаратәи атурнир аҿы аџьазтә аԥхьахә игеит, аспорттә самбо азы IX Жәларбжьаратәи аицлабрақәа Гран-При «Ареспублика Ҭаҭарсҭан Ахраҿа» аиуразы атурнир аҿы аиааира игеит.  

Аспортсмен аҳамҭа ианеишьеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба.

2025 шықәсазы 10 спорт хкы рҿы иреиӷьу аспортсменцәа ҳәа иалкаахеит:

Фиодор Шипарцов - амҵәышәмпыл;

Харитон Агрба - абокс;

Батал Гогиа -  анапылампыл;

Инар Кьетиа – зхы иақәиҭу аиқәԥара;

Леон Черқьезиа - аӡиудо;

Ҭемыр Чхабелиа – аҽыбӷаҟазаратә спорт;

Ренат Карчаа – аишәатә ԥкьаҭмпыл;

Инал Гаделиа - самбо;

Асҭамыр Кациа –аԥкьаҭмпыл;

Заур Ҭарба - ашьапылампыл.

Аҳамҭақәа аспортсменцәа иранаршьеит иахьа Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысыз, есышықәса имҩаԥырго аконкурс «Аԥыза қәыԥш» аҿы.

 


Read 19 times - Амҽыша, 11 Ажьырныҳәа 2026 16:36