Аҳазалхратә шәатәқәа рзы 2025 шықәсазы аплан 101% рыла инагӡоуп.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 12, 2026 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аҿы 2025 шықәсазы имҩаԥгаз аусура аихшьаалақәа ҟарҵеит.
2025 шықәсазы ареспублика аҳазалхратә усбарҭақәа рыла абиуџьет иахыԥхьаӡалахеит 4 млрд. 537 млн. аҳазалхратә шәатәқәа. Убри аан аплан ала иазԥхьагәаҭан 4 млрд. 501,6 млн. мааҭ, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы апресс-маҵзура.
Аҳазалхратә шәатәқәа рзы 2025 шықәсазы аплан 101% рыла инагӡоуп.