Print this page
22.Ажьырныҳәа.2026

Ԥицунда ақалақь узлалсуа амҩа аамҭала иаркуп

Аканализациа ашьҭаҵара иадҳәалоу зымҽхак ҭбаау аусурақәа рымҩаԥгара инамаданы Ԥицунда ақалақь узлалсуа амҩа аамҭала иаркуп.

Амҩа аркра хымԥадатәин ауааԥсыреи аусуцәеи ршәарҭадаразы.

Ақалақь Ахадара иҟоу ауадаҩрақәа рзы аҭамзаара шьҭарҵоит, аҳәара ҟарҵоит ауааԥсыра аилкаара аадырԥшырц.

Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа цонаҵы атранспорттә еимадара аанымкыларц азы Ԥицунда узлалало амҩа ҩ-ганктәи арежим ахь ииагоуп.


Read 485 times - Аԥшьаша, 22 Ажьырныҳәа 2026 16:58