Print this page
22.Ажьырныҳәа.2026

Имҩаԥгахоит атәылауаҩратә форум «Аицәажәара. Аиқәшаҳаҭра. Аҿиара»

Хәажәкырамза 12 рзы ауаажәларратә палатаҿы имҩаԥгахоит атәылауаҩратә форум «Аицәажәара. Аиқәшаҳаҭра. Аҿиара».

Аусмҩаԥгатә хықәкыс иамоуп атәыла аҿиарамҩа хадақәа ралкаара, ауаажәларратә еилазаара иаку рпозициа ашьақәыргылара.

Зыҟаҵаратә етапхоит атематикатә стол гьежьқәа хԥа рымҩаԥгара. Жәабранмза 12 рзы адемографиа азҵаарақәа ирылацәажәоит, жәабранмза 19 рзы асоциал-економикатә ҿиара иадҳәалоу азҵаарақәа, жәабранмза 26 рзы аполитикатә реформақәа.

«Атәыла аҿиара иадҳәалоу ихадоу азҵаарақәа иаартны ҳрылацәажәарц ҳҭахуп, урҭ рылҵшәақәа рыла Аԥсны ауаажәларратә еилазаара апозициа зныԥшуа иаку арезолиуциа шьақәҳаргылоит», - ҳәа азгәалҭеит ауаажәларратә палата алахәыла Изольда Ҳагба.


Read 487 times - Аԥшьаша, 22 Ажьырныҳәа 2026 20:37