Print this page
23.Ажьырныҳәа.2026

Гагра ақалақь ухаҿы иузаагом аколоннада аныҟам

Гагратәи аколоннада ахьыҟоу аҭыԥ ақалақь ауааԥсыра зегь реиҳа бзиа ирбоит. Иахьа иара 70 шықәса ахыҵит.

Ауаа арахь иаауеит рыԥсҭазаараҿы акыр зҵазкуа ахҭысқәа раан рфото ҭырхырц. Агәырӷьаратә фотоҭыхымҭақәа аԥсшьаҩцәа реиԥш аҭыԥантәи ауааԥсырагьы аднаԥхьалоит. Аколоннада ақалақь иасимволны иҟалеит, уи ианыруеит аҭоурых агәеисыбжь. Аколоннада Амшын Еиқәа апарк иалагамҭоуп, уа ирызҳауеит аҷанда́рқәа, аевкалиптқәа, икәеикәеикәеиуа аӡыршә аӡы ухнахуеит.

Аколлонада архитеқтуратә бырлашуп, ақалақь ԥсыс иахоуп.


Read 527 times