Print this page
28.Ажьырныҳәа.2026

Москва аусура иалагеит апроект «Аԥсны амедиа ҿыцқәа» ахԥатәи амодуль

Апроект ԥшьымш имҩаԥыслоит. Ари аамҭа иалагӡаны уи алахәылацәа рыпроектқәа аус рыдырулоит, амодуль анҵәамҭазы иӡырыргоит.

Амодуль актәи амш азы Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациеи акьыԥхьи рдепартамент аиҳабы Мариа Захарова илԥылоит. Апроект алахәылацәа ирымоуп алшара изызҿлымҳау азҵаарақәа рыҭиира, актуалра злоу атемақәа рылацәажәара. Иара убас, алахәылацәа Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистрра ҩныҵҟала аусушьа дырбахоит.

Апроект актәии аҩбатәии амодульқәа мҩаԥысуан жьҭаарамзеи абҵарамзеи рзы Ԥицунда. Урҭ ирылахәын 50-ҩык инареиҳаны ажурналистцәа, аблогерцәа, амаркетологцәа. «Аԥснымедиа» аусзуҩцәа ԥшьҩык апроект иалахәуп.


Read 173 times