«Абҵарамза 2025 ш. аихамҩа аҭагылазаашьа анормақәа ирыҵанамкуа аԥхасҭақәа аарԥшын. Ишьақәырӷәӷәан аихамҩа аҭагылазаашьа ихарҭәаау асахьа. Аԥсныҟа иаарго аидара ахьырацәоуи, насгьы очамчыратәи амшынтә баӷәазахь идәықәҵахо аконтеинертқәа рырацәахареи ирыхҟьаны, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара хымԥадатәиин», – ҳәа азгәеиҭеит аԥсуа еихамҩа анџьныр хада Леонид Ҟәыруа Аԥсныпресс акорреспондент даниҿцәажәоз.
Очамчыра ишьақәыргылоуп аконтеинертә еизгарҭа ҿыц, уи уажәнатә аидарақәа аднакылоит. Аԥхьаҟа урҭ рхыԥхьаӡара иҵегь еизҳауеит.
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба аихамҩа аусзуҩцәа анапынҵа риҭеит, иаарԥшыз агхақәа зегьы хәажәкырамза 10-нӡа идыриашарц азы.
«Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагеит 2025 шықәса ԥхынҷкәынмзазы. Урыстәылатәи анхамҩа аиҭашьақәыргылара азҟазацәа ааҳаԥхьеит. Аусурақәа рымҽхак ахьыҭбаау иахҟьаны даҽа х-бригадак раара ҳазыԥшуп. Аҟәа инаркны Очамчыранӡа 55 километр бжьоуп, иҳамоу ауадаҩрақәа зегьы ҳариааироуп. Аҭыԥантәи ҳабригадақәа аус руеит, аха ацхыраара иалнаршоит аиҭашьақәыргылара ахыркәшара аҿҳәара арааигәара. Иахәҭоу амаҭәахәқәа зегьы Урыстәыла иаахәоуп», – иҳәеит Леонид Ҟәыруа.
