Аминистрцәа Реилазаара, араионқәеи Аҟәа ақалақьи рхадарақәа, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, агәабзиарахьчара Аминистрра, аҵарадырреи абызшәатә политикеи Рминистрреи, иара убас аҳәынҭқарратә массатә информациа ахархәагақәа, атәылауаа арратә маҵзура ахь ааԥхьара рыҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа ишахәҭоу ала амҩаԥгара ахылаԥшра аҭара азы анапынҵақәа рыҭахоит.