Print this page
вчера 0:25

Жәабранмза 21 азы диит аԥсуа литература абду Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа

Иахьа Аҟәа, Р. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿаԥхьа игылоу ашәҟәыҩҩы ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Д. Гәлиа игәаларшәаразы арахь имҩахыҵит аԥыза-министр Владимир Делба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут, акультура аминистр Даур Ақаҩба, атәыла анапхгара, Гәлиа иҩны алитература-мемориалтә музеи аусзуҩцәа, ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахаҭарнакцәа, ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа алахәылацәа, арҿиаратәи аҭҵаарадырратәи интеллигенциа, ауаажәларра.


Read 93 times