Араҟа ирыԥшааит I–IV ашәышықәсақәа ирыҵаркуа абаақәа ԥшьба рыԥҽыхақәа.
Аҭҵаарақәа рхы аладырхәуеит аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчаразы Аҳәынҭқарратә усбарҭа аспециалистцәа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аусзуҩцәа, хатәгәаԥхарала ацхырра инеиз. Археологиатә ԥшаара напхгара аиҭоит археолог Алик Габелиа.
Иахьа иԥшаан акрызҵазкуа амаҭәарқәа: аурымцәа иртәыз аԥараҿырпы, аԥштәы змоу аихатә ҵәымӷ. Аԥараҿырпы арыцқьара аҭахуп, аха уи аурымцәа раамҭа ишаҵанакуа еилкаауп. Уаанӡа ирыԥшаахьан аурымтәи авизантиатәии аамҭақәа раан иҟаз аԥараҿырпқәа жә-ццырак
Иара убас иԥшаан аҳаԥшьа аԥҽыхақәа, ажәытә саркьа, сахьала иҩычоу иҟаԥшьу анышәаԥшьӡы иалху ачысмаҭәа. Арҭ аԥшаахқәа иалдыршоит ажәытә ҭоурых аиҭашьақәыргылара.
