Print this page
22.Жьҭаара.2022

30 ШЫҚӘСА РАԤХЬА АҚЫРҬУА ГВАРДЕИЦЦӘА АԤСНЫТӘИ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ МУЗЕИ АԤСУАҬҴААРАТӘ ИНСТИТУТИ РЫБЛИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. 30 шықәса раԥхьа жьҭаарамза 22 рзы,  ақырҭуа гвардеиццәа Аԥснытәи архив Хадеи Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи анаука-ҭҵааратә Институти рыблит.  Аԥсны архив Хада ацәыӡқәа акыр идуун. XIX ашәышықәса аҩбатәи азыбжа инаркны Аԥсны иҭыҵуаз агазеҭқәа, ашәҟәқәа, афондқәеи архивтә материалқәеи зегьы аиҭашьақәыргылара алымшо иблит. 

Ажәытәӡатәи апериод афондқәа рҿы иҟан 17 нызықь инарзынаԥшу аҵәахра иазкыз аматериалқәа. Арҭ афондқәа рматериалқәа ирныԥшуан Аԥсны Урыстәыла адлара иазкыз аматериалқәа  рҭоурых, аграртә зҵаара, ақыҭауаа адгьыл аиуразы рықәԥара, ақыҭанхамҩа аҭагылазаашьа, ажәлар рҵарадырра ауси агәабзиарахьчареи, аԥсуаа рҵасқәеи рқьабзқәеи Аԥсны иқәынхо ауааԥсыра рыбзазареи, Ауахәама-административтә ҭагылазаашьа аганахьала Аҟәатәи аепархиа аилазаара иалаз Амшынеиқәатә губерниеи Аҟәатәи аокруги рҿы аус зуаз адоуҳатә усбарҭақәа рзеиԥш усуреи, иара убас араҟа иҟан Аԥсны изызҳауаз атропикатәии асубтропикатәии акультурақәеи аҭаҭыни реизырҳареи раарыхреи рзы аматериалқәа.  Иқәган асоветаамҭазы Аԥсны иазку архивтә фондқәеи Аџьынџьтәылатәи Еибашьра Дуӡӡа иазку аматериалқәеи.

 

 


Read 395 times - Асабша, 22 Жьҭаара 2022 14:01