Print this page
вчера 22:09

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Москва имҩаԥысуа афорум «Изҩыдоу ауаажәларра» далахәуп

Афорум мҩаԥысуеит Москва, Москватәи аҳәынҭқарратә университет, аинновациатә ҭҵаарадырра-технологиатә центр «Воробьевы горы» акластер «Ломоносов» аҵакыраҿы. Агәабзиарахьчара аминистр афорум ахь ааԥхьара ииҭеит урыстәылатәи иколлега Михаил Мурашко.

2026 шықәсазы афорум урыстәылатәи аекспертцәеи жәларбжьаратәи аилазаара ахаҭарнакцәеи рыбжьара адиалог азы платформаны иҟоуп. Афорум аусура иалахәуп 15 тәыла рҟынтәи аделегациақәа. Апленартә сессиаан ирзааҭгылоит ауаажәларра ргәабзиара арӷәӷәара аганахьала иреиӷьу арегионалтәи аҳәынҭқарратәи практикақәа.

Аусутә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны иазыԥхьагәаҭоуп Аԥсни Урыстәылеи ргәабзиарахьчара аминистррақәа рыбжьара ҩ-ганктәи аиқәышаҳаҭра анапаҵаҩра.

Аусмҩаԥгатә еиҿнакаауеит Урыстәылатәи аконгресс афонд «Изҩыдоу ауаажәларра» Урыстәылатәи Афедерациа Аминистрра ацхыраарала.


Read 23 times