Print this page
16.Хәажәкыр.2026

Пицунда ауахәамаҿы асахьаркыратә лашарабагақәа ықәдыргылеит

Пицундатәи ауахәама афбатәихеит апроект «Кәакьцыԥхьаӡа акультура алашара анагара» иабзоураны шәыга ҿыцла илашаз.

Уаанӡа архитектура-сахьаркыратә лашара ықәыргылан Ԥақәашьтәи Мықәтәи ауахәамақәа рҿы, Бедиатәи аныхабааҿы, Гал ақалақь акультура аҩнаҿы, Очамчыра ақалақь ахадара ахыбраҿы.

Апроект нанагӡеит «Аԥсны акоманда». Алашара иабзоураны арҭ ахыбрақәа рыԥшӡареи рҭоурыхтә ҵаки ахәылбыҽха улаԥш иҵашәалоит.


Read 592 times