Print this page
16.Хәажәкыр.2026

Уфантәи Аҟәаҟа ишиашоу аҳаиртә еимадара бжьалоит абри атәы иҳәеит Башкириа Ахада Ради Хабиров

«Ари ахырхарҭа иадҳәалоу азҵаарақәа ҳрылацәажәеит, Анцәа иҳәар аԥырра хацыркхоит аԥхын» — ҳәа арегион анапхгаҩы иажәақәа аанагоит Башинформ.

Уфеи Аҟәеи рыбжьара ишиашоу аҳаиреимадара ашьақәыргылара азҵаара иалацәажәан хәажәкырамза 13 рзы, Ради Хабирови Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делбеи реиԥылараан.


Read 743 times