«Азинхьчаратә усбарҭақәа ахысра ҟазҵаз дааныркылахьеит, иахәҭоу апроцессуалтә усмҩаԥгатәқәа зегьы мҩаԥыргоит» - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада, азакәан инақәыршәаны аус аҵыхәтәанынӡа ишнагахо азы агәрагара ааирԥшит.
Аҳәынҭқарра Ахада иара убасгьы дазааҭгылеит абџьар аныҟәгара апроблема, инаҵшьны иазгәеиҭеит ари ахырхарҭала раԥхьатәи ашьаҿақәа шыҟарҵахьоу. Иҳәеит абџьар аныҟәгара ԥкызарц аԥшьгара шыҟаиҵаз, уи азы азакәан апроект апарламент ахь ишынаишьҭыз. Аха Гәынба ишазгәеиҭаз ала, иҟоуп уи иадымгылаз адепутатцәа, урҭ ргәаанагара уамашәа ибоит. Урҭ излазгәарҭо ала, абџьар аныҟәгара аԥсуаа традициас ирыман.
«Уи сара сзақәшаҳаҭхом» - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада, иагьазгәеиҭеит иахьатәи аԥсуа уаажәларраҿы абџьар аныҟәгара акультура шеицакыз. Ҿырԥштәыс иааигеит алахьеиқәҵаратә церемониаҿы абџьар кны адамра ишадгылаз, уи аԥсуа традициатә хымҩаԥгашьақәа ирҿагылоит.
Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит Жәлар Реизарахь инаишьҭыз азакәан апроект ауааԥсыра абџьар рымхра хықәкыс ишамам. Зыӡбахә ҳамоу официалла ашәҟәы иҭагалоу абџьар аҩны аҵәахра ауп.
Аҳәынҭқарра Ахада атрадициақәа пату рықәҵареи абџьар аныҟәгара уажәтәи апрактика аԥсахреи рзы ааԥхьара ҟаиҵеит.
