Аилацәажәара иалахәын Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, адепутатцәа, аҭҵаарадырратә еилазаара ахаҭарнакцәа.
Аиԥылара аартуа Ашәба иргәалаиршәеит аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара шымҩаԥысуа атәыла ахадеи урыстәылатәи арегионқәеи иҟарҵаз адгылаара иабзоуран. Уи инаҵшьны иазгәеиҭеит аусурақәа раан ирыԥшааз амаҭәарқәа рҵакы.
«Аиҭашьақәыргылатә усурақәа раан иаарԥшын абаа аԥҽыхақәа, акыр зҵазкуа артефактқәа, уи аҭоурыхҭҵааҩцәа рылаԥш иҵашәеит. Иӡбан аилацәажәара мҩаԥыргарц, аԥшаарақәа ԥхьаҟатәи рлахьынҵа иалацәажәарц. Ҳара ҳҭоурых аиқәырхареи аԥшаҳәа арԥшӡареи рзы амҩақәа ҳрышьҭоуп», - иҳәеит Лаша Ашәба.
