Print this page
сегодня 18:54

Хәажәкырамзазтәи ажәылараан иҭахаз ргәалашәара иазкны аҵлақәа еиҭарҳаит Агәыӡера ауахәама аҿаԥхьа

Гималаитәи аныҵлеи ачамҳаши Агәыӡера иҟоу Аԥааимбар ԥшьа Илиа иныхабаа аҭӡамцқәа рҿаԥхьа еиҭарҳаит. Акциа азкуп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы хәажәкырамзазтәи ажәылараан иҭахаз ргәалашәара, ҳәа аанацҳуеит Гәылрыԥшь араион ахадара апресс-маҵзура. 

«Гәылрыԥшь араион ахада Саид Ҳаразиеи, ауахәама аусзуҩцәеи, Гәылрыԥшьтәи абжьаратә школ аҵаҩцәеи гималаитәи аныҵлеи ачамҳаши ауахәама аҭӡамцқәа рҿаԥхьа еиҭарҳаит. Арҭ аҵлақәа ԥхьаҟатәи абиԥарақәа аҭоурыхтә гәалашәара рзаанзыжьуа баҟаны иҟалоит», – ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.

2025 шықәсазы ауахәама аҿаԥхьа ишьақәыргылан 1992-1993 шықәсқәа раан Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахази хабарда ибжьаӡызи рыхьӡала жә-саркьалк рыла ишьақәгылоу аҵәҵәа.


Read 28 times - Ахаша, 18 Хәажәкыр 2026 15:32